Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, апартиа "Гахариа Қырҭтәылазы" ааҩык алахәылацәа апарламент иалалоит, апартиа ари аинформациа шьақәнарӷәӷәом
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, апартиа "Гахариа Қырҭтәылазы" ааҩык алахәылацәа апарламент иалалоит, апартиа ари аинформациа шьақәнарӷәӷәом

Гьаргь Гахариа ипартиа ааҩык алахәылацәа рполитикатә боикот иаҟәыҵны, апарламент иалалар ҟалап.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” ааҩык алахәылацәа апарламент иалалоит. Арҭ ахаҿқәа роуп: Ҭамар Хведелиани, Вика Ԥилԥани, Гига Ԥарулава, Гьаргь Шарашиӡе, Малхаз Ҭориа, Гела Абулаӡе, Саломе Кобалаӡе, Софио Хоргуани. Аха апартиаҿ ари аинформациа шьақәдырӷәӷәом.

Цәыббра 2 рзы Апроцессуалтә зҵаарақәа ркомитет Гахариа ипартиа алхратә сиа иалоу 12-ҩык апарламенттә рзинмчы аанкылара ашьҭахь, урҭ рҭыԥ аанызкыло ахаҿқәарзинмчы азхаҵара иадгылеит

Азинмчы рзаанкылан Гьаргь Гахариеи 11-ҩык ипартиа алахәылацәеи – Ҭеона Ақубардиа, Анна Бучукури, Леван Гогичаишвили, Заза Ҭаваӡе, Беқа Лилуашвили, Наҭиа Мезвришвили, Берда Сиҷинава, Кахабер Қемоклиӡе, Роину Қочорашвили, Дмитрии Цқитишвили, Звиад Ӡиӡигури.

Урҭ рцынхәрас азинмчы роуит Гела Абулаӡе, Џьемал Ананиӡе, Қеҭеван Бакараӡе, Русудан Ҭевзадзе, Малхаз Ҭориа, Шалва Кереселиӡе, Саломе Кобалаӡе, Гиги Ԥарулава, Вика Ԥилԥани, Гьаргь Шарашиӡе, Тамар Хведелиани, Софио Хоргуани.