Алар Карис - Қырҭтәыла аԥеиԥш азы анапхгара адемократиатә процессқәа рыгәрагара аиҭашьақәыргыларазы амҩақәа рыԥшаароуп, ари ихадароуп
Алар Карис - Қырҭтәыла аԥеиԥш азы анапхгара адемократиатә процессқәа рыгәрагара аиҭашьақәыргыларазы амҩақәа рыԥшаароуп, ари ихадароуп

Естониеи Қырҭтәылеи рхадацәа ҭелла еиҿцәажәеит.

Естониа ахада Алар Карис асоциалтә ҳаҿы ишааицҳаз ала, Қырҭтәыла аԥеиԥш азы анапхгара адемократиатә процессқәа рыгәрагара аиҭашьақәыргыларазы амҩақәа рыԥшаароуп.

“Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили сылзасын, ақырҭуа жәлар европатәи рышьҭазаара сшадгыло иазгәасҭеит. Қырҭтәыла аԥеиԥш азы анапхгара адемократиатә процессқәа рыгәрагара аиҭашьақәыргыларазы амҩақәа рыԥшаароуп, ари ихадароуп. Аҭынч демонстрантцәа рганахьала амчылареи ахада лықәмақарреи срықәыӡбоит”, – иҩит Естониа ахада Алар Карис.