Акциа алахәылацәа импыҵахалоу Аԥсны Жәлар реизара ахыбра иажәылан, Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵарц идырҵеит
Акциа алахәылацәа импыҵахалоу Аԥсны Жәлар реизара ахыбра иажәылан, Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵарц идырҵеит

Акциа алахәылацәа импыҵахалоу Аԥсны Жәлар реизара ахыбрашҟа иҩнажәлеит.

Уаанӡа акциа алахәылацәа акомпромисс мап ацәыркын, де-факто ахада Аслан Бжьаниа инапынҵақәа шьҭеиҵарц идҵаны иқәдыргылоит. Ари азы анапхгара 20 минуҭ арҭеит.

Аларҵәара зауз адыррақәа  рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура аиҳабы дызхагылаз де-факто апарламент аделегациа Ахада иадминистрациа ашҟа ихынҳәит.

Акциа алахәылацәа ражәақәа рыла, дара Урыстәыла-Аԥсны реизыҟазаашьақәа ирҿагылом.