Акциа алахәылацәа Аҭонели имҩаҿ иҟоу Қырҭтәыла Ахада ихан аԥхьа амаҭәахәқәа ирблит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц. Аусҳәарҭа ишаанацҳауа ала, акциа алахәылацәа ари ҟарымҵар, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәоит.
Аҿагыларатә акциа алахәылацәа Аҭонели имҩаҿ иҟоу Қырҭтәыла ахада ирезиденциа иақәлеит.
Аполициа хаҭарнакцәа аӡыршәгақәеи алаӷырӡаагага агази рхы иадырхәит.