Акоронавирус азы алаҵа аҟаҵаразы аԥаратә цхыраара мшаԥы мзазы нагӡоит
Акоронавирус азы алаҵа аҟаҵаразы аԥаратә цхыраара мшаԥы мзазы нагӡоит

Хәажәкыра 28 инаркны адәахьы асабрадақәа рныҟәгара иазку аԥкра аԥыххоит,- ари атәы ааицҳаит Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы Гиорги Ӷибраӡе. Ахеилак еилатәара аԥыза-министр инапхгарала Аиҳабыра радминистрациаҿ мҩаԥган.

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аинформациа ала, Қырҭтәыла иҟоу аепидҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, хәажәкыра 28 инаркны адәахьы асабрадақәа рныҟәгара иазку аԥкра аԥыххоит, аха иарку ақәыԥшыларақәа рҿы асабрадақәа ныҟәгатәуп. Иара убас, Ааԥыххоит афатә аобиектқәа рганахьала иҟаз аԥкрақәа, иара убас аспорттәи аҟазаратәи уснагӡатәқәеи ирыдҳәаланы ишьақәгылаз аԥкрақәа. Адистанциатә реимла аус зуаз аусуҩцәа русурҭа ҭыԥқәа рахь ихынҳәыроуп. PCR атест ада аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәуа Қырҭтәыла атәылауаа рзы аԥыххоит аҽыԥхьакра иазкуаԥкраю

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, иаанхоит алаҵақәа рыҟаҵара адгыларатә программа. 50 шықәса еиҳаны зхыҵуа ауааҧсыра ковид-аҽыхьчаратә вакцина аҟаҵаразы 200 лари роуеит, зыӡбахәы ҳәоу ақәратә гәыҧ иаҵанакәа ауааҧсыра абустер доза ҟарҵар, 100 лари роуеит.

Иара убас, ахеилак еилатәара ашьҭахь ишаарыцҳаз, ҳазҭагылоу амчыбжь азы Қырҭтәыла аиуеит “Фаизер” аԥнаҵаз акоронавирус азы ахәышә “Пақсловид”. Амедикамент ачымазара алалара актәи хәымш ирылагӡаны дкылатәуп.