Акоммуникациақәа ркомиссиа аинформациа ала, SpaceX Қырҭтәыла STarlink амҩанызатә системала аинтернет аларҵәара аҭахуп
Акоммуникациақәа ркомиссиа аинформациа ала, SpaceX Қырҭтәыла STarlink амҩанызатә системала аинтернет аларҵәара аҭахуп

Акоммуникациақәа ркомиссиа алахәыла Екатерине Имедаӡеи акомиссиа аусзуҩцәеи SpaceX ахаҭарнакцәа рҟны аиԥылара мҩаԥырган ишаарыцҳаз, SpaceX Қырҭтәыла STarlink амҩанызатә системала аинтернет аларҵәара аҭахуп.

Акомиссиа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аибадырратә аиԥылара аҿы акомиссиеи амедиалаби русуҩцәа Қырҭтәыла иҟоу Starlink ахаҭарнакцәа ателекоммуникциатә сектор аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи наҟ-наҟтәи апланқәеи, атәылаҿ иҟоу ацифратә економика аҿиара аперспективеи ирыхәаԥшит. SpaceX ахаҭарнакцәа акомиссиа аусуҩцәа Қырҭтәыла иҟоу SpaceX наҟ-наҟтәи апланқәа ирызку адырра рырҭеит.

Қырҭтәыла аконтекст аҿы Starlink аҵак ҷыда амоуп ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы. Starlink аларҵәара ашьҭахь, агеографиатә лагылазаарақәа зегьы рҿы зхаҭабзиара ҳараку аинтернет аиура алшахоит