Аклиника  "Евеқс" аҿы ишырҳәаз ала, Сагареџьо ахәрақәа зауз рҟынтәи аӡәы иблазы аоперациа изыҟарҵан, уаҵәы аклиника дҭыҵыр  ҟалап
Аклиника  "Евеқс" аҿы ишырҳәаз ала, Сагареџьо ахәрақәа зауз рҟынтәи аӡәы иблазы аоперациа изыҟарҵан, уаҵәы аклиника дҭыҵыр  ҟалап

Сагареџьо иҟалаз бџьартә ажәылараан ахәрақәа зауз руаӡәы  аклиника  «Евеқс» аҿы иблазы аоперациа изыҟарҵеит.

Ахирург-офтальмолог  Реваза Омиаӡе ишиҳәаз ала, апацент хар имамкәа дыҟоуп, уаҵәы аклиника дҭыҵыр ҟалап.

«Аблабара  аганахьа иҭагылазаашьа зеиҧшрахо макьана исызшәаҳәом, уи мчыбжьык ашьҭахь еилкаахоит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь  ареконструктивтә операциа иҭаххар ҟалап. Апациент уаҵәы аҩныҟа доуҳашьҭыр ҟалап», — иҳәеит  Реваз Омиаӡе.