Аклассқәа рҿы аҵаратә процесс ахьалаго ашколқәа рҿы аҭаацәа  рхала ирыӡбар  рылшоит анахарала аҵара нарыгӡоу рхәыҷқәа ашкол ашҟа инаргоу
Аклассқәа рҿы аҵаратә процесс ахьалаго ашколқәа рҿы аҭаацәа  рхала ирыӡбар  рылшоит анахарала аҵара нарыгӡоу рхәыҷқәа ашкол ашҟа инаргоу

Акоординациатә хеилак аӡбара ала, жәбран 1 инаркны, Қырҭтәыла зехьынџьара иҟоу ашколқәа рҿы, Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии ада, аклассқәа рҿы аҵаратә процесс еиҭалагоит.

Аҵара аминистрра адыррақәа рыла, ашколқәа зегьы иахәҭоу аресурсқәа зегьы еибыҭоуп. Аҵаратә усбарҭақәа аҵаҩцәа рыдкылара иазхиоуп.

Аха, аамҭакала амч амоуп  2020-2021 аҵаратә ашықәс алагамҭазы аҵара аминистрра ирыдыркылаз ақәҵара, уи инақәыршәаны, ашколқәа рхала ирыӡбар рылшоит анахарала аусура нарыгӡоу, аклассқәа рҿы аҵаратә процесс иалагоу.