Акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа зегьы, аҳәынҭқарра аҧарала, адиагностика амҩаҧгареи аҽыхәышәтәреи рылшоит Қырҭтәылеи, иара убас, Ҭырқәтәылеи, Израили, Испаниеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 5 зҵаарак ирыхәаҧшит.
Аилатәараҿы изхәаҧшыз апроект инақәыршәаны, акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа зегьы, аҳәынҭқарра аҧарала, адиагностика амҩаҧгареи аҽыхәышәтәреи рылшоит Қырҭтәылеи, иара убас, Ҭырқәтәылеи, Израили, Испаниеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы.
Ари апроект шықәсыктәи абиуџьет 30 миллион лари иаҟароуп.
Заанаҵы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа рышьаҭала, аҳәаанырцә ахәыҷқәа рхәышәтәразы иалхуп ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу, жәларбжьаратәи акредитациа змоу, зтехнологиа ҳараку аклиникақәа, урҭ рҿы, қәыҧшыларак аҿы, амедицинатә сервисқәа зегьы еиҿкаауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, апациентцәа, зхаҭабзиара ҳараку, ҳаамҭазтәи амедицинатә маҵзура роур рылшоит, апротонотерапиагьы уахь иналаҵаны, уи акьыба ачымазара ахәшәтәразы иҿыцӡоу ҳаамҭазтәи технологиоуп.