Аџьаус аинспекциа ахаҭарнакцәа Зураб Џьаҧариӡе иааиртыз абар адыркит
Аџьаус аинспекциа ахаҭарнакцәа Зураб Џьаҧариӡе иааиртыз абар адыркит

Қырҭтәыла Аџьаус аинспекциа адепартамент ахаҭарнакцәа апартиа «Гирчи» алидер  Зураб Џьаҧариӡе  Қарҭ иааиртыз абар адыркит. Аҭыҧаҿы иҟан аџьаус аинспекциеи апатрультә полициеи ахаҭарнакцәа. Дара ишырҳәаз ала Аџьаус аинспекциа ахаҭарнакцәа Зураб Џьаҧариӡе иааиртыз абар адыркит  Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара аилагаразы. Ақәҵара инақәыршәаны, акрыфаратә обиектқәа аусура азин рымоуп асааҭ 22:00-нӡа.

Адепартамент ахаҭарнак ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, аиҳабыра рықәҵара аилагаразы абар уаанӡагьы ахараҧса ақәырҵахьан, уажәы, аҩынтәраан ақәҵара аилагара амшала, абар адыркит.

Апартиа  «Гирчи» алидер  Зураб Џьаҧариӡе иацы ишааицҳаз ала,  атәылауаа рҟны алхраҧхьатәи аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы абар аҿы аштаб-ауада ааиртит.