Аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи мчқәа иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Киев камикаӡе-дронқәа рыла абомбақәа ақәрыжьит
Аихқәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи мчқәа иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Киев камикаӡе-дронқәа рыла абомбақәа ақәрыжьит

Урыстәылатәи мчқәа иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Киев камикаӡе-дронқәа рыла абомбақәа ақәрыжьит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Аҳҭнықалақь ахада Витали Кличко ишааицҳаз, ажәылараан аԥхасҭа роуит аенергетикатә обиектқәа, уи иахҟьаны афымцалашара машәырла дырцәит.

Украина аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина аганахьала мҩаԥган 51 авиажәылара, ажәылараан рхы иадырхәит 44 џьамтәылатәи дронқәа, 55-нтә инагӡан ареактивтә аицтҟьаратә хысрақәа.

Ԥхынҷкәын 31-и Ашықәс ҿыцтәи аухеи рзы урыстәылатәи амчқәа имҩаԥыргаз аракетатә жәыларақәа раан иҭахеит ҩыџьа, ахәрақә роуит 50-ҩык рҟынӡа.