Аихқәа ишаарыцҳаз, Германтәыла аиҳабыра аарҳәра зҭахыз 25-ҩык ачарҳәаҩцәа ааныркылеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Германтәыла аиҳабыра аарҳәра зҭахыз 25-ҩык ачарҳәаҩцәа ааныркылеит

Аихқәа ишаарыцҳаз, Германтәыла аиҳабыра аарҳәра зҭахыз 25-ҩык ачарҳәаҩцәа ааныркылеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

ВВС аинформациала, иаанкылоу иреиуоуп ультраарӷьаратәи агәыԥқәа рхаҭарнакцәеи ԥасатәи арратә маҵзуҩцәеи.

Грмантәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ачарҳәара алахәылацәа Германтәыла апарламент ахыбра ақәлареи, анапхгара мчыла ахгареи, анапхгара анапахьы аагареи ргәы иҭан. Аплан иалан 71 шықәса зхыҵуа апринц Ҳаинрих XIII анапхгарахь иаагара.

Германтәыла апрокуратура аинформациала, азакәанхьчаҩцәа ареидқәа мҩаԥыргеит 11 регион рҟны. Иаанкылоу ачарҳәаҩцәа иреиуоуп аекстремисттә гәыԥ “Реих атәылауаа” алахәылацәагьы.