АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Украина арегионқәа афымцалашарада иаанхеит, афымцалашара амам Молдова ахәҭагьы
АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Украина арегионқәа афымцалашарада иаанхеит, афымцалашара амам Молдова ахәҭагьы

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Украина аганахьала зымҽхак ҭбаау аракетатә жәылара мҩаԥнагоит. Украина арегионқәа афымцалашарада аанхеит, Киев ӡыда иҟоуп.

Аихқәа рдыррақәа рыла, Урыстәыла аракетатә жәылара аамҭакала украинатәи арегионқәа рганахьала мҩаԥган.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аракетақәа Украина мрагылареи аладеи рҟынтә ԥыруеит.

Украинатәи аих аинформациала, Урыстәылантә Украина ахырхарҭала аамҭакала “Ту-95” атип змоу астратегиатә бомбакажьга ишьҭын.

Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы Андреи Ермак ишазгәеиҭаз, урыстәылатәи аракетақәа ишьҭын Европарламент Урыстәыла атероризм аспонсор тәылас ианазханаҵа ашьҭахь.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Урыстәыла Украина аганахьала зымҽхак ҭбаау аракетатә жәылара амзызла афымцалашара амам Молдова ахәҭагьы. Молдова аԥыза-министр Андреи Спину шьақәирӷәӷәеит Кишиневи атәыла арегионқәеи афымцалашарада аанхеит.