АИХ-қәа ишаарыцҳаз, аенергетикатә кризис аҿагыларазы Германтәыла аиҳабыра 65 миллиард евро алнахуеит
АИХ-қәа ишаарыцҳаз, аенергетикатә кризис аҿагыларазы Германтәыла аиҳабыра 65 миллиард евро алнахуеит

Аенергетикатә кризис аҿагыларазы Германтәыла аиҳабыра 65 миллиард евро алнахуеит.

АИХқәа ишаарыцҳаз, ари азҵаара рыӡбаанӡа, 18 сааҭ ирылагӡаны аиҿцәажәара мҩаԥысуан. Германтәыла анапхагартә коалициаҿ ишеиқәшаҳаҭхаз, атәылауаа зныктәи афинанстә цхыраара роуеит, анаплакқәа изинҷыду ашәахтә рзышьақәдыргылоит.

Аплан ианқәыршәаны, астудентцәа зныктәи ацхыраара аҳасабла 200 евро роуеит, атәанчуаа – 300 евро. Иара убас, 2023 шықәсазы ахәҷқәа змоу аҭаацәарақәа рзы ацхыраара иацҵахоит.

Аиҳабыра рыӡбара ала, аҭаацәарақәа афымцалашара азы ахә ҷыда ршәоит.