АИХ аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа рыла  Винница аракетақәа  алажьра амшала иҭахеит  12ҩык
АИХ аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа рыла  Винница аракетақәа  алажьра амшала иҭахеит  12ҩык

Ампыҵахалатә мчқәа рыла  украинатәи ақалақь Винница аракетақәа  алажьра амшала иҭахеит  12ҩык, 25ҩык ахәрақәа роуит.

Ракетак авторгыламҭа ааигәара икаҳаит, уаҟа  30 раҟара амашьынақәа иблит. Аҭыҧаҿы аус руеит  100 аиқәырхаҩцәа.

Аракетақәа ахькаҳаз егьырҭ аҭыҧқәа рҿы аҩнқәа ибгеит.

Украина ахада Владимир Зеленски Урыстәыла дахцәажәеит  аҭынчуаа зшьуа атеррористтә ҳәынҭқарра ҳасабала.