Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа Михаил Чинчалаӡе аҩбатәи аҿҳәарала Қарҭтәи аппелиациатә аӡбарҭа ахантәаҩыс далырхит
Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа Михаил Чинчалаӡе аҩбатәи аҿҳәарала Қарҭтәи аппелиациатә аӡбарҭа ахантәаҩыс далырхит

Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа,  Михаил Чинчалаӡе, хәышықәса аҿҳәара иҭаны,  Қарҭтәи аппелиациатә аӡбарҭа ахантәаҩыс далырхит.

Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәа,  еицҿакны,  Чинчалаӡе икандидатура иадгылеит.

Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак аилатәара иалагаанӡа ахеилак ҧасатәи алахәыла Ана Долиӡе ишылҳәаз ала,  Қырҭтәыла европатәи амҩаҿы иахьазы иҟоу апроблемақәа Чинчалаӡеи Мурусиӡеи роуп изхароу.  Долиӡе лажәақәа рыла,  аӡбарҭақәа рҿы иҟоу анапхгара рымшала атәыла ахатә европатәи перспектива ацәыӡуеит.

Иара убас, Михаил Чинчалаӡе Аппелиациатә аӡбарҭа ахантәаҩыс иқәыргылара иадҳәаланы апротест ҟарҵеит атәылауаҩратә уаажәларреи иҳәынҭқарратәым асектори ахаҭарнакцәагьы.