Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили изы ашьауҕаус хцыркуп акриптовалиутала аҧара рацәа закәандарала архатәраз
Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили изы ашьауҕаус хцыркуп акриптовалиутала аҧара рацәа закәандарала архатәраз

Аицфинансыркра афонд ҧасатәи анапхгаҩы Гьаргь Бачиашвили изы ашьауҕатә ус хьцыркуп акриптовалиутала аҧара рацәа закәандарала атәтәра афакт азы.

Апрокуратура хада адыррала, аусеилыргара  ишышьақәнаргылаз ала,  2015 шықәса аҧхынразы Бачиашвили ихатә аҧареи аинвестор иҟынтә иоуз аҧареи ихы иаирхәит  амаининг криптовалиута – биткоин  арҳаразы.

«Абиткоинқәа рырҳара иадҳәалоу амаҵзура еиқәнаршәон аҳәааныртәи аилахәыра,  дара 2015 шықәса ҧхынгәы азы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра ашьаҭала.  Аилаӡара  6 305 000 адоллар иаҧсан, ари аҧара аҟынтәи  5 000 000 адоллар аинвестор итәын,  Бачиашвили итәын  1 305 000 адоллар.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  Г.Б.  атехникатә аиқәыршәара иуалын, идырҳауаз ахашәала еиҟараны еиҩыршар  акәын, дара иаларҵаза аҧара инақәыршәаны.

Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, дара шықәсыкала  24 661,85 биткоинқәа дырҳаит,  ирымаз ахарџьқәа иазҧхьагәаҭаны, аинвестор итәын  8 253,13 биткоинқәа ахашәала цқьа.

Ахара зду ахаҿы амаининг ала ироуз ахашәала зегьы дахылаҧшуан,  2017 шықәса жьҭааразы иара ахашәала цқьа асахьала  аинвестор ииҭеит  536 900 адоллар мацара,  аинвестор итәыз егьырҭ   8 253,13 биткоинқәа  закәандарала итәтәитәит, усҟан ари аҧаратә аицҵалыҵ  39 215 820 адоллар иаҟаран.

Анеҩс, ахара зду ауаҩҧсы, закәандарала ирҳаз аҧара аҵәахра амзызла, акриптовалиута еиуеиҧшым аҧараҭрақәа рахь ииаганы, иеиҭамҵуагьы иеиҭаҵуагьы амал аахәаны, аҧара рацәа алегализациа илшеит.

Зыӡбахәы ҳәоу ашьауҕатә ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп  9 шықәса инаркны  12 шықәсанӡа аҭакра.

Апрокуратура, ишьақәыргылоу аҿҳәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аӡбарҭа иадҵаалоит ахара зду ахаҿы изы иашьашәалоу аҧкратә уснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы», —  иануп апрокуратура аҳәамҭаҿы.