Аиҳабыра рыӡбарала, Борџьомии Бакуриании рыбжьара иныҟәо, акәыкәу ҳәа изышьҭоу адәыҕба хәыҷы инагӡаны еиҭашьақәдыргылоит
«Акәыкәу ҳәа изышьҭоу Борџьоми–Бакуриани аҭоурыхтә адәыҕба аиҭашьақәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аиҳабыра реилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, аихамҩа иацлоит ахырхарҭақәа Қарҭ–Қәҭешьи Қарҭ–Ахалцихеи.
«Аихамҩа иацлоит ахырхарҭақәа Қарҭ–Қәҭешьи Қарҭ–Ахалцихеи. Нанҳәазы аихамҩа Қарҭ–Баҭым аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит, уи абзоурала, аныҟәара аамҭа маҷхоит хәбеи бжаки асааҭ аҟынтә 4 сааҭк рҟынӡа. Қарҭынтә Баҭымынӡа анеиразы 1,5 сааҭ рыла иаҳа имаҷны аамҭа аҭаххоит.
Иара убас, акәыкәу ҳәа изышьҭоу Борџьоми–Бакуриани аҭоурыхтә адәыҕба аиҭашьақәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит. Адәыҕбеи, иара убас, аихамҩатә инфраструктуреи, аихамҩатә станциақәеи ҳарҿыцуеит. Ари ацәаҳәа 2020 шықәса инаркны аус ауамызт, аплан инақәыршәаны, анеҩстәи ашықәс ажьырныҳәа инаркны, ари адәыҕба ҳтәылауааи ҳтәыла иаҭаауа асасцәеи рымаҵ ауеит. Зыӡбахәы ҳәоу аихамҩа аиҭашьақәыргылара атуристтә ганахьалагьы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит аҧыза-министр.