Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы - 2024 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоуп зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра, ари зҵакы дуу астатистика уснагӡатәқәа иреиуп, атәыла ари ауснагӡатә мҩаҧнагоит жәларбжьаратәи абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе, Қырҭтәыла аиҳабыреи, Астатистиказы амилаҭтә маҵзуреи, ЕАР Ауааҧсыра рфонд  Қырҭтәылатәи аофиси (UNFPA) реиҿкаарала имҩаҧгаз аконференциа ихы алаирхәит, уаҟа Қырҭтәыла ауааҧсыра  2024 шықәсатәи зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра  адукатреи, адонорцәа рыдыҧхьалареи, акоординациеи азҵаарақәа ирылацәажәеит. 

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, жәларбжьаратәи абжьагарақәа иазҧхьагәаҭаны, ишьақәнарҕәҕәоит ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра 2020 шықәсатәи адунеитә раунд аҽалархәра ишазыхиоу. Ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра  2020 шықәсатәи араундс иҳәаақәҵоуп  2015-2024 шықәсқәа. 

Қырҭтәыла ауааҧсыра ашәҟәы рҭаҩра аиҳабыратә координациатә комиссиа, сынтәа рашәара 6 рзы ишьақәнарҕәҕәеит  Қырҭтәыла ауааҧсыра 2024 шықәсатәи зегьирзеиҧшу ашәҟәҭаҩра апрограмма.