Аиҳабыра афымца ааглыхра амчхара раҧхьатәи аукцион алҵшәақәа шьақәдырҕәҕәеит, аукционаҿ аиааира ргеит 27 еилахәырақәа
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.
Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 12 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.
Аиҳабыра афымца ааглыхра амчхара раҧхьатәи аукцион алҵшәақәа шьақәдырҕәҕәеит, аукционаҿ аиааира ргеит 27 еилахәырақәа. Хара имгакәа арҭ аилахәырақәеи аиҳабыреи ирыбжьарҵоит атехника-економикатә ҭҵаарақәа аетап иазку аиқәшаҳаҭрақәа. 27 аилахәырақәа рҟынтәи 10 – амратә, 2 – аҧшатә, 15 – аӡфымцатә станциақәа роуп..
Зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рҟынтә афымцатә станциақәа рыла афымца ааглыхра амчхара аукцион аҽалархәразы арзаҳалқәа аларҵеит 78 аилахәырақәа. Аукциаон рыланаҳәеит Аекономика аминистрра.
Аинвесторцәа ари аукцион даараӡа иазҿлымҳан, избанзар, раҧхьатәи аукциаонаан ирылаҳәаз 300 мегаватт амчхаразы иҟаҵан 900 мегаватт амчхара азҧхьагәаназҭо арзаҳалқәа.
Аукцион акомиссиа иалан Аекономика аминистрреи, Афинансқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аусеицура агентреи, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә електросистемеи рхаҭарнакцәа, дара иазҿлымҳау ахаҿқәа рырзаҳалқәа зегьы ирыхәаҧшны, иҭырҵааит.
Аилатәараҿы ари азҵаара ианахәаҧшуаз ишазгәарҭаз ала, зырҿыцра ҟало ахыҵхырҭақәа рҟынтә афымца ааглыхреи ахархәареи иазку асхема қәҿиарала аус ауеит, уи убарҭоуп аукцион алҵшәақәа рылагьы, уи абзоурала, аенергосектор аҿы 2 миллиард адоллар еиҳаны аинвестициа амҩаҧгара алшара ҟалеит.