Қырҭтәыла аиашахаҵаратә ныха иԥшьоу Нино лымшныҳәа – Нинооба иазгәанаҭоит. Амшныҳәа инамаданы ауахәамақәа рҿы аныҳәатә анцәаимаҵӡура мҩаԥган.
Қырҭтәылаҟны ақьырсианра аларҵәара аиуит 4-тәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рзы. Ақырҭқәа рҟны ақьырсианра ақадақь луан иԥшьоу Нино (Кабадокиатәи). Уи лныҳәарақәеи лылԥхеи рыла аҳԥҳәыс Нана дылхәшәтәит, иара убас, аҳ Мириан деиқәлырхеит. Ашьахәынҵа инақәырԥшны, аҳ Мириан шәарацаара дшыҟаз, иаалырҟьаны илашьцарахеит, аҳ иԥшьоу Нино лыхьӡала дныҳәан, иаразнак илашарахеит. Убри аамышьҭахь, ақьырсианра аҳәынҭқарратә адинуп ҳәа алаҳәара ҟарҵеит. Мцхеҭа зеиԥшыҟамыз аныхабааш ду дыргылеит. Ақырҭуа ортодоқсалтә ақьырсиантә (аиашахаҵаратә) џьар ҷыдалатәи аформа амоуп. Уи иԥшьоу Нино лџьар ҳәа ахьӡырҵеит, Нино аӡахәа амахәқәеи, иԥаны иҟаз лыхцәи ирылхны аџьар ҟалҵеит. Лџьар ала Қырҭтәыла еиқәлырхеит.
Қырҭтәыла иԥшьоу Нино лымшныҳәа ҩынтә иазгәарҭоит ажьырныҳә 27-и рашәара 1-и рзы.