Аиашахаҵаҩцәа иахьа, мшаԥымза 7 рзы, Анцәа иан Агәырӷьаҿҳәаша лзаагара амш ду иазгәарҭоит.
Аныҳәа инамаданы аныхабаақәа зегьы рҿы аныҳәатә анцәа имаҵура мҩаԥысуеит.
Агәырӷьаҿҳәаша амш ду аҵак ду амоуп. Аҩырацқьа инақәыршәаны, Назарет захьӡыз ақалақь аҿы Мариа зыхьӡыз аҭыԥҳа лахь Анцәа амаалықь Гавриил дишьҭит. Амаалықь илеиҳәеит: “Бара иԥшьоу адоуҳа боуеит, Хыхь иҟоу Анцәа Ду имч биҭоит, убри аҟынтә ибоуа ахәыҷы дыԥшьахоит, Анцәа Иԥа ҳәагьы изырҳәоит” ҳәа.