Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла хҩык атәылауаа ааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла хҩык атәылауаа ааныркылеит

Абҵара 1 азы, Гори амуниципалитет иаҵанкәа Меџьврисхеви ақыҭа аҟынтә Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа рхаҭарнакцәа изакәанымкәа Қырҭтәыла хҩык атәылауаа ааныркылеит, – ари атәы аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа ала, изакәаным аанкылара афакт иадҳәаланы аусура алагеит ацәаҳәа ҷыда, адырра рыҭоуп Евроеидгыла анаԥшратә миссиа хаҭарнакцәеи, Женеватёи жәларбжьаратәи адискуссиа аицхантәаҩцәеи, жәларбжьаратәи апартниорцәеи.