Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Адипломатиатә хаҭарнакра ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭакзыԥхықәтә маҵзура аусзура пату ақәҵаны, иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рҟны аиқәшаҳаҭрада аҳәамҭақәа раларҵәара аҟынтә рҽааныркыларц рабжьаагоит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭа аланарҵәоит.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, аҳәынҭқаратә маҵзура иашьашәалоу аҟәшақәа иашьҭанеиуа имцу адырра аус адулара иаҿуп.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, атәылауаа ршәарҭадара амаҵзура хадароу априоритетқәа иреиуп.
“Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипломатиатә хаҭарнакра ахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭакзыԥхықәу маҵзура аусзура пату ақәҵаны, иашьашәалоу аусҳәарҭақәа рҟны аиқәшаҳаҭрада аҳәамҭақәа раларҵәара аҟынтә рҽааныркыларц рабжьаагоит“, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара рхатә тәылауаа агәҽанҵара рнаҭеит қарҭтәи ахәаахәыҭратә центрқәа рҿы аԥжәара ашәарҭа шыҟоу.