Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Земо-Хвиҭи  ақыҭа иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Земо-Хвиҭи  ақыҭа иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит

Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа рхаҭарнакцәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Земо-Хвиҭи  ақыҭа иазааигәаны Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала дааныркылеит, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтә.

 

“Қырҭтәыла атәылауаҩ закәандарала иаанкылара иазкны иаразнакҵәҟьа адырр рыҭан Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиеи Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи.

“Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа зыҧшра ҟамҵакәа рхақәиҭтәразы  амеханизмқәа зегьы аус аҳаруит. Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭакԥхықәра рыдупрыҧхықәуп ампыҵахалатә мчқәа”, — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.