Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа Ԥлависмани ақыҭа ааигәара, закәандарала Қырҭтәыла хҩык атәылауаа иааныркылеит, урҭ рҟынтә аӡәы доурыжьҭит, ҩыџьа закәандарала иҭакуп
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа Ԥлависмани ақыҭа ааигәара, закәандарала Қырҭтәыла хҩык атәылауаа иааныркылеит, урҭ рҟынтә аӡәы доурыжьҭит, ҩыџьа закәандарала иҭакуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, ампыҵахалатә мчқәа Ԥлависмани ақыҭа ааигәара, закәандарала Қырҭтәыла хҩык атәылауаа иааныркылеит, урҭ аӡәы доурыжьҭит, ҩыџьа закәандарала иҭакуп

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациала, урыстәылатәи ампыҵахалатә мчқәа Гори амуниципалитет иаҵанакуа Ԥлависмани ақыҭа ааигәара, закәандарала Қырҭтәыла хҩык атәылауаа иааныркылеит. Аӡәы хәажәкыра 11 рзы доурыжьҭит, ҩыџьа закәандарала иҭакуп.

Аусбарҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу аинформациа анроуҵәҟьа, аусура алагеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  «ацәаҳәа ҷыда», уи аусура еиқәнаршәоит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа.

«Закәандарала ауаа раанкылара иазку аинформациа, зыҧшра ҟамҵакәа идәықәҵан Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа реицхантәаҩцәеи жәларбжьаратәи апартниорцәеи  рахь. Закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа ирласӡаны рхақәиҭтәразы ахархәара рымоуп уажәазы иҟоу амеханизмқәа зегьы.  Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы имҩаҧысуа адеструктивтә процессқәа зегьы рзы аҭак аҧхықәуп ампыҵахалатә мчы», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.