Аҳәынҭқарратә сервисқәа рҿиара агентра – Сынтәа аҧхынра инаркны ауаа ахаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ҿыцқәа рыҭара иалагар ҟалап, агәраргага ҿыцқәа ршәарҭадара иаҳа ихьчазаауеит
Аҳәынҭқарратә сервисқәа рҿиара агентраҿ ишырҳәаз ала, аҧхынра инаркны ахаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага ҿыцқәа рыҭара иалагар ҟалап.
Агентра ахантәаҩы Русудан Кохоӡе лҳәамҭала, агәраргага ҿыцқәа ршәарҭадара иаҳа ихьчазаауеит.
«Аиустициа аминистрразы ахадаратә ҧыжәарақәа иреиуп ахаҭара агәраргагақәеи аныҟәаратә документқәеи ршәарҭадара ахьчара. 2010–2011 шықәсқәа индыркны ҳуааҧсыра абиометриатә паспортқәа рымоуп, аха, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа аҿиара иаҿуп, иҿыцӡоу атехнологиақәа рхархәарала адокумент ҿыцқәа раҧҵара ахымҧадара цәырҵит.
Иакымкәа атендерқәа мҩаҧганы, адизаин аиқәыршәареи ҳаамҭазтәи ахаҭара агәраргагақәа рҭрыжьреи еиқәзыршәо анемец еилахәыра алхуп.
Ҳуааҧсыра агәраргага ҿыцқәа роур рылшоит сынтәа, аҧхынра инаркны. Аха, амч змоу адокументқәа змоу ауаа аҿыц документқәа ргар рылшоит уажәтәи рыгәраргагақәа рыҿҳәара анынҵәалак ашьҭахь», – илҳәеит Русудан Кохоӡе.