Аиустициа аминистрра иаҵанакәа Аҳәынҭқарратә сервисқәа рҿиара агентра Қырҭтәыла ауааҧсыра аелектронтә ахаҭара агәраргага ҿыцқәа рыҭара иалагеит.
Агентра адыррақәа рыла, иҿыцӡоу жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу агәраргага ҿыцқәа ршәарҭадара иаҳа ихьчоуп.
«Ахаҭара агәраргага ҿыцқәа рыхәҧса ишыҟаз еиҧш иаанхеит, аҿҳәара змоу ҧасатәи агәраргагақәа рыҧсахра хымҧадам.
Агәраргага ҿыцқәа заур зҭаху ауааҧсыра Аҳәынҭқарратә сервисқәа рҿиара атерриториатә аҟәшақәеи, Аиустициа аҩнқәеи ирыдҵаалароуп, иара убас, анахарала — Аҳәынҭқарратә сервисқәа рҿиара агентра авебсаит — sda.gov.ge ала арзаҳал аларҵар рылшоит», — иануп Аҳәынҭқарратә сервсиқәа рҿиара агентра аинформациаҿы.