Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура – Аусеилыргаратә орган ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит маӡала аӡырҩреи ацклаҧшреи азы гәҩарас  иҟоу афактқәа иаамҭаны иҭырҵаарц
Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура – Аусеилыргаратә орган ахь ааҧхьара ҟаҳҵоит маӡала аӡырҩреи ацклаҧшреи азы гәҩарас  иҟоу афактқәа иаамҭаны иҭырҵаарц

Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура аусеилыргаратә орган ахь ааҧхьара ҟанаҵоит маӡала аӡырҩреи ацклаҧшреи азы гәҩарас иҟоу афактқәа иаамҭаны иҭырҵаарц.

Аусбарҭа иаланарҵәаз аинформациа ишану ала, уажәааны аларҵәара зауз аудионҵамҭақәеи адокументалтә материалқәеи ирыдҳәаланы имаҷымкәа азҵаарақәа цәырҵит хаҿқәак маӡала рзыӡырҩреи рыцклаҧшреи иазкны.

Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу афактқәа иаамҭаны иҭҵаатәуп, иашьашәалоу аорганқәа арҭ аматериалқәа иахьынӡаиашоу шьақәдыргылароуп. Аматериалқәа иашазар, маӡала аӡырҩреи ацклаҧшреи иалахәыз ауааҧсыра зегьы  аарҧшны, ахьырхәра рыҭатәуп.