Аҳәынҭқарратә департамент - Қырҭтәылаҿ абизнес аҟаҵареи аинвестициақәа алагалареи азы аҭагылазаашьақәа бзиоуп, арегион егьырҭ атәылақәа ирҿаурҧшыр, Қырҭтәыла абизнес аҟаҵаразы зегьы раасҭа иманшәалоу ҭыҧуп, атәыла иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иҟоуп
«Мрҭашәаратәии Мрагыларатәии Европа амҩеихысырҭаҿ ишьҭоу Қырҭтәыла аџьармыкьа дуум, аха, ари аџьармыкьа аартуп, атәыла жәларбжьаратәи ахәаахәҭреи, атуризми, атранспорти аҟынтә ахырҳагара ду амоуп», — иануп 2024 шықәсатәи аинвестициатә климат иазку Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҳасабырбаҿы, ари адокументаҿ Қырҭтәылагьы аӡбахәы рҳәоит.
Аҳасабырба ишану ала, 1991 шықәса инаркны атәылаҿ зымҽхак дууз ареформақәа мҩаҧган, уи абзоурала, аџьармыкьатә економика бзиа аҧҵара рылшеит.
«2005 инаркны 2023 шықәсанӡа аекономикатә азҳара абжьаратә аласра 5 наӡынак иреиҳан. 2023 шықәсазы аекономикатә азҳара арбага 7,5% иаҟаран, аинфлиациа аҩаӡара лаҟәхеит 0,4%-нӡа“, — иануп аҳасабырбаҿы.
Иара убас, Аҳәынҭқарратә департамент аҳасабырбаҿы ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәылаҿ абизнес аҟаҵареи аинвестициақәа алагалареи азы аҭагылазаашьақәа бзиоуп, арегион егьырҭ атәылақәа ирҿаурҧшыр, Қырҭтәыла абизнес аҟаҵаразы зегьы раасҭа иманшәалоу ҭыҧуп, атәыла иҳаракӡоу аҩаӡараҟны иҟоуп.
Америкеи Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи аинвестициатә аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит 1994 шықәсазы, Қырҭтәыла, аҳазаабаџь ада, атауарқәа рацәа Америкаҟа адәықәҵара алшоит.
Убри адагьы, адокументаҿ иаҵшьны иазгәаҭоуп Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.
Адокумент авторцәа Анаклиатәи абаҕәазеи Қарҭтәи аҳаирбаҕәаза ҿыци рыргыларагьы иалацәажәоит.
«2023 шықәса жәабран азы Қырҭтәыла аиҳабыра, иҵаулоу Анаклиатәи абаҕәаза арҿиаразы атендер рыларҳәеит. 2024 шықәса жәабран азы амшынтә инфраструктуреи, апроект аиқәыршәареи, Анаклиатәи абаҕәаза аргылареи азы атендер рылаҳәан. 2024 шықәса мшаҧы азы атәыла аиҳабыра Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза ҿыц аргылара ишалаго аарыцҳаит», — иануп Америка Аҳәынҭқарратә департамент аҳасабырбаҿы.