Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ашықәсҿыцтәи амшқәа рзы Қырҭтәыла хьшәашәарахоит, асы ауеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ашықәсҿыцтәи амшқәа рзы атәылаҿ амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа 3-нӡа атәылаҿы хьшәашәарахоит, асы ауеит.
„Ҧхынҷкәын 31 инаркны ажьырныҳәа 2 шьыжьымҭанӡа Қарҭ асы ауеит. Ҵхыбжьон аҳауа атемпература 0,-2 градус аҟынӡа илаҟәоит, шьыбжьон +2, +4 градус ҟалоит.
Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) асы ауеит. Ҵхыбжьон 0,+2 градус, шьыбжьон +5, +7 градус ҟалоит.
Ашьхатә курортқәа рҿы – Бакуриании Гудаурии асду леиуеит. Ҵхыбжьон аҳауа атемпература лаҟәхоит -13 ,-15 градус аҟынӡа. Шьыбжьон -3,-5 градус ҟалоит“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.