Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ажьырныҳәа 7-8 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аха уахынла аҵаа ӷәӷәахоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ажьырныҳәа 7-8 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аха уахынла аҵаа ӷәӷәахоит

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, Қырҭтәыла аҵакыраҿ шьыбжьышьҭахь асоура алагоит. Хәылбыҽхан мрагыларахьала аԥша ӷәӷәахоит.

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра ахаҭарнак Додо Гвазава ишаалыцҳаз, ажьырныҳәа 7-8 рзы Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аха уахынла аҵаа ӷәӷәахоит.

Ҭыҧқәак рҿы асоуреи, асыҭәҳәеи,  анаҟәеи, аҵааршәыреи иазыҧшуп, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асыҧса ашәарҭара ҟалоит. Адәкаршәраҿ аҳауа аԥхарра +8 градус иаҟарахоит, ашьхаҿ – 3-5 градус. Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Кахеҭтәи арегиони аҳҭнықалақьи рҿы амш еилгоит, аха аԥша ӷәӷәа ҟалоит. Аҳҭнықалақь аҿы ажьырныҳәа 7-8 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аха ажьырныҳәа 7 рзы, уахынла аҵаа ӷәӷәахоит.