Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, рашәара 24 рзы Қырҭтәыла регионқәак рҿы ақәа леиуеит, рашәара 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, рашәара 24 рзы Қырҭтәыла регионқәак рҿы ақәа леиуеит, рашәара 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, рашәара 24 рзы Қарҭ аԥша ӷәӷәа асуеит. Рашәара 24 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +26 градус иаҟарахоит. Рашәара 25-26 рзы – + 29,+31 градус иаҟарахоит.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): рашәара 24 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап, рашәара 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Рашәара 24 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +24, +26 градус иаҟарахоит. Рашәара 25-26 рзы – +30,+32 градус иаҟарахоит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) рашәара 24-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +26, +28 градус иаҟарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): рашәара 24 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап, рашәара 25-26 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Рашәара 24 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +16, +18 градус иаҟарахоит. Рашәара 25-26 рзы – +21+23 градус иаҟарахоит.