Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 18-19 рзы Қырҭтәыла иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшаԥы 20-21 рзы регионқәак рҿы ақәа леиуеит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 18-19 рзы Қырҭтәыла иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшаԥы 20-21 рзы регионқәак рҿы ақәа леиуеит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра мшаԥы 18-21 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 18-19 рзы Қырҭтәыла иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшаԥы 20-21 рзы регионқәак рҿы ақәа леиуеит.

Қарҭ ақәа леир ҟалап, аҳауа аԥхарра ҽынла +17, +19 °C  иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): мшаԥы 18-19 рзы  иԥхаррахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшаԥы 20-21 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +22, +24 °C иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +15, +20°C иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +8, +13°C иаҟарахоит.