Аҳәаанырцә инхо атәылауаа рзы Қырҭтәыла атәылауаҩра аиура апроцедурақәа ирмариоуп
Аҳәаанырцә инхо аитәылауаа рзы Қырҭтәыла атәылауаҩра аиура апродедурақәа ирмариоуп. Аиҳабыра реилатәара ашьҭахь ари атәы ааицҳаит аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.
Рати Брегаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку азакәан иашьашәалоу аҧсахрақәа алагалоуп.
«Иахьа Қырҭтәыла аиҳабыра аҧыза-министр идҵала идырмазеиз азакәанпроект иахәаҧшит. Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку азакәан иашьашәалоу аҧсахрақәа алаҳгалоит. Ишыҳаӡбаз ала, аҳәаанырцә инхо, Қырҭтәыла атәылауаҩра заур зҭаху ҳаитәылауаа рзы Қырҭтәыла атәылауаҩра аиура апроцедурақәа ирмариатәуп. Атәылауаҩра заур зҭаху ауаҩҧсы, адокументқәа аиҭаанӡа, иашьашәалоу аҧышәа иҭиироуп, аҧышәа изымҭиит, Аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рзы агентра аформалтә процедурақәа ирылагом. Аҩбатәи ариашара инақәыршәаны, ауаҩҧсы аҧышәа изымҭиир, аҩынтәраан аҧышәа иҭиир илшоит, иҵоуроу алҵшәа иоуп, уи амч амазаауеит шықәсык аҩныҵҟа. Қырҭтәыла атәылауаҩра аиуразы мап ицәыркыр, атәылауаҩра аиуразы апроцедурақәа реиҭалагаразы иҟаз шықәсыктәи аҿҳәара имаҷхоит фымз рҟнынӡа. Иара убас, аҧшьбатәи ариашара ҳара иҳаду жәларбжьаратәи аҧхықәра иадҳәалоуп. Лымкаала, ахҵәацәа русқәа рзы ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар иусбарҭа аҿаҧхьа иҳаду аҧхықәра инақәыршәаны, атәылауаҩра змам ауааҧсыра рзы аамҭала анхара 10 шықәсатәи аҿҳәара, Қырҭтәыла атәылауаҩра аиуразы имаҷхоит 5 шықәса рҟнынӡа», — иҳәеит Рати Брегаӡе.