Агәабзиарахьчара аминистрра пхынҷқәын 6 рзы акциаҿ ааха зауз атәылауаа рҭагылазаашьа иазку адырра аланарҵәоит
Агәабзиарахьчара аминистрра пхынҷқәын 6 рзы акциаҿ ааха зауз атәылауаа рҭагылазаашьа иазку адырра аланарҵәоит.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, ԥхынҷкәын 6 рзы аҿагыларатә акциа аҟынтә ацхыраара лас агәыԥқәа амедицинатә усҳәарҭақәа рахь жәҩык апациентцәа инаргеит.
“Апациентцәа еиуеиԥшым ахәрақәа рыман. Ҩыџьа ахәшәтәырҭаҿ иахьагьы ишьҭоуп, рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам. Егьырҭ апациентцәа ахәшәтәырҭа иалырҩааит.
Аҿагыларатә акциа ахьымҩаԥысуа аҵакыраҿ амобилизациа рзууп ацхыраара лас 20 гәыԥ“, – иануп аинформациа аҿы.