Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара – Акоронавирус азы «Синофармеи» «Синоваки» рвакцинақәа аеффект рымоуп

Акоронавирус азы китаитәи еилахәырақәа «Синофарми» «Синоваки» рвакцинақәа аеффект рымоуп. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара абжьагаҩцәа рхеилак анапхгаҩы́ Алехандро Кравиото иажәақәа рыла, китаитәи алаҵа иамоу аеффект аҩаӡара Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара астандартқәа ирышьашәалоуп.

ЕАР аиҿкаара аекспертцәа ргәаанагара ала, ари алаҵақәа арекомендациақәа мшаԥы анҵәамҭазы роуеит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара абжьагаҩцәа рхеилак аҳәамҭа инақәыршәаны, алаҵақәа ашәарҭадара анормақәагьы ирышьашәалазароуп