“Синовак” алаҵа аҟаҵара апроцесс иахьа иалагоит
“Синовак” алаҵа аҟаҵара апроцесс иахьа иалагоит

“Синовак” алаҵа аҟаҵара апроцесс иахьа алагоит. Қырҭтәыла аиуит 100 000 адоза “Синовак”.

«Синовак» алаҵа аҟаҵаразы арегистрациа иалагеит лаҵара 21 рзы. Алаҵазы аренистрациа мҩаԥысуеит   booking.moh.gov.ge аҿы, мамзаргьы аномер  15 22 ала.

Алаҵа «Синофарм» еиҧшҵәҟьа, авакцина «Синовакгьы», анактивациатә вакциноуп. Адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рышҟа инагоуп абри авакцина 260 миллион адозақәа. Авакцина «Синовак»  ахәшьара бзиа аиуит Аиммунизациа азы аекспертцәа рстратегиатә консультативтә гәыҧ (The Strategic Advisory Group of Experts on Immunization (SAGE) аҟынтә.

Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Паата Имнаӡе иажәақәа рыла, Индонезив имҩаԥгаз аҭҵаара инақәыршәаны, ари алҵа акоронавирус аҽацәыхьчара аеффект ҳарак амоуп