Афонд «Иаарту ауаажәларра» - Ҳара Қырҭтәыла апарламентахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  анагӡаратә мчра рзы Қырҭтәыла Аконституциа ала иазҧхьгәаҭоу аполитикатәи азинтәи ҭакҧхықәра амеханизмқәа зыҧшра ҟамҵакәа рхархәара иалагарц

«ТВ Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит, иуацәеи иколлегацәеи ҳрыдашшылоит.  Леқсо Лашкарава рашәара 5 рзы  зымҽхак дууз гәымбылџьбаратә амчылара иалаӡыз 50ҩык ажурналистцәа дреиуп.  Атәыла анапхгара амчыларатә гәыҧ раанкыларазы акгьы ҟарымҵеит. Аҧыза-министри аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистри роуп абри амчыларазы аҭак зыҧхықәу, дара, зыҧшра ҟамҵакәа рнапынҵақәа шьҭарҵароуп.  Ҳара Қырҭтәыла апарламентахь ааҧхьара ҟаҳҵоит  анагӡаратә мчра рзы Қырҭтәыла Аконституциа ала иазҧхьгәаҭоу аполитикатәи азинтәи ҭакҧхықәра амеханизмқәа зыҧшра ҟамҵакәа рхархәара иалагарц», — иануп аҳәамҭаҿы.