Афинансқәа рминистрра – Жәларбжьаратәи асанкциақәа рышьақәыргылара инаркны Қырҭтәыла аҧҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит, аҳәааҿы ахазалхратә операциақәа зегьы ирхылаҧшуеит
«Жәларбжьаратәи асанкциақәа рышьақәыргылара инаркны Қырҭтәыла аҧҟарақәа зегьы ирықәныҟәоит, аҳәааҿы ахазалхратә операциақәа зегьы ирхылаҧшуеит», — иануп Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла ала жәларбжьартәи асанкциақәа реилагара факткгьы аарҧшым.
«Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра Қырҭтәыла ала жәларбжьаратәи асанкциақәа рықәныҟәара иадҳәаланы аҵыхтәантәи амшқәа рзы АИХқәак рҿы аларҵәара зауз адезинформациа иаҭакны, даҽазнык иааҧҵәаны аанацҳауеит жәларбжьаратәи асанкциақәа рышьақәыргылара инаркны Қырҭтәыла аҧҟарақәа зегьы ишрықәныҟәо, аҳәааҿы ахазалхратә операциақәа зегьы ишырхылаҧшуа.
Асанкциақәа ирылахәы атәылақәа ишьақәыргылаз аиқәыҧхьаӡа иану атауарқәа зегьы ахазалхратә хылаҧшра ҷыда иахысуеит.
Аҭакҧхықәра зегьы ҳхы иадҵаны иазгәаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла ала жәларбжьаратәи асанкциақәа реилагара факткгьы шаарҧшым, уи шьақәырҕәҕәоуп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәа иҟарҵаз аҳәамҭақәа рылагьы.
Убри аҟынтә, Қырҭтәыла абри аҩыза ахарадҵарақәа азықәзыргыло ахаҿқәа аршаҳаҭгақәа цәырыргароуп. Мамзаргьы, дара рхымҩаҧгашьа ҳахәаҧшуеит атәыла ахьӡ азарал азаазго адезинформациа хықәкыла аларҵәара ҳасабала, абри аҩыза ахымҩаҧгашьа ҳара ҳҟынтә хымҧада аҭак аиуеит», — иануп Афинансқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.