Афбатәи ашьаҟартә бригада абазаҿ аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥган
Афбатәи ашьаҟартә бригада абазаҿ аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥган

Вазиани, афбатәи ашьаҟартә бригада абазаҿ арратә маҵӡуҩцәа рыхшара рзы Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥган.  Иҭахаз, ихәыз, уажәы арратә маҵзураҿы иҟоу аруаа рхәыҷқәа иаауа Ашықәс ҿыц Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Гьаргәал Гиоргаӡеи атәылахьчаратә мчқәа реиҳабы, аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии рыдырныҳәалеит.

Ахәыҷқәа рзы аконцерт ақырҭуа ашәаҳәаҩцәеи алакәқәа рфырхацәеи аниматорцәеи мҩаԥыргеит.

Атәылахьчара аминистрра аԥшьгарала, иҭахаз, ихәыз, уажәы арратә маҵзураҿы иҟоу аруаа рхәыҷқәа рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа есышықәса мҩаԥыргоит.