Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра  — Хыҵакырҭак змам алақәа идырцәарцаз иргозшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, алақәа ргоит аветеринартә процедурақәа рымҩаҧгара мацараз 
Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра  — Хыҵакырҭак змам алақәа идырцәарцаз иргозшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, алақәа ргоит аветеринартә процедурақәа рымҩаҧгара мацараз 

Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра  аҳәамҭа ишану ала,  хыҵакырҭак змам алақәа идырцәарцаз иргозшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам, алақәа ргоит аветеринартә процедурақәа рымҩаҧгара мацараз.

Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра ауааҧсыра ирыҳәоит ииашам аинформациа аларҵәара иаҟәыҵырц.

«Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра ахаҭарнакцәа   хыҵакырҭак змам алақәа идырцәарцаз иргозшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам. Алақәа ргоит аветеринартә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара мацараз. Лымкаала, аапкра аҽацәыхьчаратә алаҵақәа рзыҟаҵареи, ашәҟәы рҭагалареи, ркастрациеи амзызла.

Ахыҵакырҭа змам алақәа, арҭ апроцедурақәа ианырхыслак, ишәарҭам алагылазаарашҟа идырхынҳәуеит, ишәарҭоу аҭыҧқәа нрыламҵакәа. Ишәарҭоу аҭыҧқәа иреиуп ахәыҷбаҳчақәеи, ашколқәеи, убас егьырҭгьы.

Ҷыдала иазгәаҳҭар ҳҭахуп ахыҵакырҭа змам, адәахьы иаанрыжьыз алақәа хылаҧшрада аҿиара ишаҿу. Ҳара имҩаҧааго ареформа акомплекстә ҟазшьа амоуп, уи иаҵанакуеит алақәа хәыда-ҧсада алаҵақәа рзыҟаҵареи, рстерилизациеи, ррегистрациеи. Иара убас, ареформала иазҧхьагәаҭоуп адәахьы ала аанзыжьуа ауаа аҭакҧхықәра рыдҵара. Дара азакәан инақәыршәаны ахараҧса рықәырҵоит», — иануп Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра аҳәамҭаҿы.