Афатәаалыҵ ахаҭабзиара ахылаҧшразы агентра – Атоксин Cereulid аарҧшра ашәарҭара иадҳәаланы, ахәыҷтәы афатә Nestle апартиақәак аџьармыкьантә идырхынҳәит
Қырҭтәыла Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра ахылаҧшрала, атәылаҿ ахәыҷтәы афатә «Nestlé Georgia» апартиақәак аџьармыкьантә рырхынҳәра апроцесс инагӡоит, – иануп Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра аинформациаҿы.
Дара рдыррақәа рыла, «агәыҧ Nestlé» еиуеиҧшым аџьармыкьақәа рҟынтә, Қырҭтәыла аџьармыкьа аҟынтәгьы, ахәыҷтәы афатә архынҳәразы аӡбара аднакылеит уаҟа атоксин церулид (Cereulide) аарҧшра ашәарҭара ахьыҟоу амшала.
«Афатәаалыҵ амилаҭтә агентра аилахәыра „Nestlé Georgia“ иҭнажьуа ахәыҷтәы афатә партиақәак аџьармыкьантә рырхынҳәра апроцесс иахылаҧшуеит, зыӡбахәы ҳәоу апартиақәа иреиуп:
- NAN 1 OPTIPRO – аҭанакьтәы банка, 800 г – 51490346AA, 51750346AB, 51810346AA;
- NAN 2 OPTIPRO – аҭанакьтәы банка, 800 г – 51240017C1, 51240017C2, 51420017C6, 51430017C2, 51570017C1, 51660017C5, 51670017C1, 52940017C3, 52950017C1;
- NAN 2 OPTIPRO – аҭанакьтәы банка, 400 г – 51550017A1, 52920017A;
- NAN 2 OPTIPRO – акартонттә алаҳәага, 1050 г – 5218167821, 5256167811.
Афатәаалыҵ амилаҭтә агентреи Агәабзиарахьчара аминистрреи ахархәаҩцәа рахь ааҧхьара ҟарҵоит: зыӡбахәы ҳәоу апартиақәа ирыҵанакуа ахәыҷтәы афатә аархәахьазар, рхы иадмырхәарц», – иануп агентра аинформациаҿы.
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, ари афатә агәабзиара ҧырхага ду азаанагом, уажәазы имҩаҧысуа аусмҩаҧгатәқәа апревенциатә ҟазшьа рымоуп.