Аекономика аминистр уаҵәы арестораторцәа дырԥылоит
Аекономика аминистр уаҵәы арестораторцәа дырԥылоит

Аресторанқәа ирымоу ауадаҩрақәа рыӡбахәа иаадыруеит, урҭ иаарту ақәыԥшыларақәа мацара акәамкәа, иарку ақәыԥшыларақәа раартреи, асабшеи амҽышеи рзы иҟоу аԥкрақәа раԥыхреи  рҭахуп, аха урҭ апандемиа ари азин рнаҭом, – илҳәеит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа Ҭурнава.

Аминистр лажәақәа рыла, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа хәыҷы-хәыҷла иҭышәынтәалахо алагеит, аха аԥкрақәа зегьы иаразнак раԥыхра аҭагылазаашьа амзызла аҭагылараашьа цәгьахар ҟалоит.

Наҭиа Ҭурнава ишылҳәаз ала, ашәахьа инаркны аартхоит иаарту ақәыԥшыларақәа змоу аресторантә бизнес, аухазы аиаҵреи асамшеи-амҽышеи рзы аиҭацра иазку аԥкрақәа аанхоит. Аминистр лажәақәа рыла, уаҵәы арестораторцәа дырԥылоит.