Аӡиудо – Қырҭтәыла аизга Адунеи ачемпионатаҿ еилаҧсоу агәыҧтә аицлабраҿы ахҧатәи аҭыҧ иазықәҧоит  #1TVSPORT
Аӡиудо – Қырҭтәыла аизга Адунеи ачемпионатаҿ еилаҧсоу агәыҧтә аицлабраҿы ахҧатәи аҭыҧ иазықәҧоит  #1TVSPORT

Катар ахҭнықалақь Доҳа имҩаҧысуа Адунеи ачемпионатаҿ Қырҭтәыла аизга,  еилаҧсоу агәыҧтә аицлабраҿы,  ахҧатәи аҭыҧ иазықәҧоит.

Ақырҭуа ӡиудоистцәа арепешаж аҿы Узбекистан аизга иаиааит 4:2 ҳәа. Аицлабраҿы аиааира ргеит Еҭер Липартиании (57 кьыла), Лука Маисураӡеи (90 кьыла), Софио Сомхишвилии  (+100 кьыла) Гурам Ҭушишвилии  (+100 кьыла).

Доҳа имҩаҧысуа Адунеи ачемпиоанат афиналтә блокаҿ Қырҭтәыла аизга,  аџьазтә медаль азықәҧараан, Франциеи Германтәылеи аизгақәа ирацлабуеит.

Адунеи ачемпионатаҿ ихыркәшоу хазхаҭалатәи аицлабрақәа рҿы Қырҭтәыла аизга аиуит ахьтәы 2 медальки, араӡнытә медальки, аџьазатә медальки.

Ахацәа рыбжьара агәыҧтә аицлабраҿы Қырҭтәыла аизга актәи аҭыҧ ааннакылеит.