Аӡбаҩ, Сааквшили иус азы, амедицинатә експертцәа дырзыӡырҩырц дақәшаҳаҭхеит
Аӡбаҩ, Сааквшили иус азы, амедицинатә експертцәа дырзыӡырҩырц дақәшаҳаҭхеит

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ Бадри Коҷламазашвили, ԥасатәи ахада Михеил Сааквшили иус азы, амедицинатә експертцәа дырзыӡырҩырц дақәшаҳаҭхеит. Уи ашьҭахь аӡбаҩ иӡбароуп Саакашвили амедицинатә експертиза изымҩаԥгара азҵаара.

Ари аҳәара иахба адукатцәа иқәдыргылеит. Адукатцәа аӡбаҩ иҳәеит “Емпатиа” аекспертцәа абахҭа аҩналара зин риҭар.

Михеил Саакашвили апроцесс аҿы дахьыҟамыз аҟынтә, аилатәара ахыԥан.

Имҩаԥысуа апроцесс аҿы апрокуратура хаҭарнакцәа Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвилии аҳәынҭқарратә ахьчаратә амаҵзура ҷыда ԥасатәи аиҳабы Ҭемур Џьанашиеи аҳәынҭқарратә биуџьет аныхра ирхарарҵоит.