Адукат ишааицҳаз, Михеил Саакашвили амлашьра далагоит
Адукат ишааицҳаз, Михеил Саакашвили амлашьра далагоит

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили амлашьра далагоит, – ари атәы ааицҳаит Михеил Саакашвили идукат Шьалуа Хаҷапуриӡе.

Шьалуа Хаҷапуриӡе аклиника “Вивамед” аҟны Михеил Саакашвили иахьа диҭааит.

“Иахьа Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ иҟарҵаз, Саакашвили данаарымга, анахаралатә формат азы мап анырҳәа,  Сталингьы ҟаиҵаӡа́цт. Апротест аҳасабла, Саакашвили амлашьра далагеит”. – иҳәеит адукат.

Шьалуа Хаҷапуриӡе ԥасатәи ахада ишәҟәы даԥхьеит.

„Иахьа азинқәа зегьы рзы мап сарҳәеит – аӡбаратә процесс ахь анеира зин сырымҭеит. Ари ақырҭуа, иара убас жәларбжьаратәи анормақәа зегьы реилагароуп, уаҳа ԥсыхәа сымам – апротест зегь реиҳа ицәгьоу аформа – амлашьра салагоит. Сгәабзиара аҭагылазаашьа иахылҵуа ашәарҭақәа зеиԥшроу еилыскаауеит, аха спроцесс аҽалархәра зин авидеолинкла  ахьынӡасырымҭо, амлашьра саҟәыҵуам”, – иануп Саакашвили ианиҵаз ашәҟәы аҟны.