Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла иаҭааз Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Қарҭҟа иааигеит ацқьа Қеҭеван аҳҧҳәыс лцәеижьхәҭақәа
Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Субраманиам Джаишанкар раҧхьатәи аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭааит. Индиа Аҧыза-министр идҵала, иара Қарҭҟа иааигеит ацқьа Қеҭеван аҳҧҳәыс лцәеижьхәҭақәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы индиатәи аминистр диҧылеит авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Субраманиам Джаишанкар Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнавеи дырҧылоит.
Ҧхынгәы 10 рзы, Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр, Самеба акафедралтә ныхабаа аҿы, ацқьа Қеҭеван аҳҧҳәыс лцәеижьхәҭақәа рымҵахырхәра ацеремониа ихы алаирхәоит.
Ишаҧу ала, Индиа, ахатә территориаҿы имҩаҧгоу археологиатә ажрақәа раан иаарҧшу аҭоурыхтә баҟақәеи аныхақәеи даҽа ҳәынҭқаррак аҭара азҵаара иахәаҧшуам, избанзар урҭ Индиа акультуратә ҭынха иаҵанакәеит. Аха, ус ишыҟоугьы, Индиеи Қырҭтәылеи активла аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргон ицқьоу ацәеижьхәҭақәа Қырҭтәыла аҭара иадҳәаланы.
2017-2018 шықәсқәа рзы Қеҭеван аҳҧҳәыс лцәеижьхәҭақәа, шықәсык ала Қырҭтәылаҟа иарҭеит, анеҩс, еиҭах, Индиаҟа ииаргеит.