Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Европа Аилак аминистрцәа ркомитет аҿы Заза Гахелаӡе закәандарала ибаандаҩтәра аҿҳәара ацҵара азҵаара иалацәажәеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Европа Аилак аминистрцәа ркомитет аҿы Заза Гахелаӡе закәандарала ибаандаҩтәра аҿҳәара ацҵара азҵаара иалацәажәеит

 

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ианақәыршәаны, Заза Гахелаӡе закәандарала ибаандаҩтәра аҿҳәара ацҵара азҵаара иалацәажәеит Европа Аилак аминистрцәа ркомитет аҿы.

«Қырҭтәыла аинициативала, жәабран 10 рзы, Европа Аилак аминистрцәа ркомитет аҿы иалацәажәеит атема  — «Европа Аилаки  Қырҭтәыла иҟоу аимаки». Европа Аилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак  аилак алахәылацәа инарҭбаау аинформациа риҭеит Цхинвалтәи арегион аҿы ампыҵахалатә режим рыла Қырҭтәыла атәылауаҩ Заза Гахелаӡе закәандарала 12 шықәса аҭакра иқәҵара азҵаара иадҳәаланы.  Иара убас, иара зыӡбахәы ҳәоу азҵаара иадҳәаланы жәларбжьаратәи аконсолидациа аҵакы иазгәаҭаны, Урыстәылатәи афедерациа ашҟа ааҧхьара ҟаиҵеит  закәандарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаҩ зыҧшра ҟамҵакәа доурыжьҭырц», —  иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминиситрра аҳәамҭаҿы.