Адәныҟатәи аусҳәарҭа - Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҟны "апрезиденттә" алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгара ҳаҿагылоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра сынтәа, лаҵара 8 рзы импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҟны “апрезиденттә” алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгара иазкны аҳәамҭа ҟанаҵеит. Адәныҟатәи аусҳәарҭа аҳәамҭаҿ ишану ала, абри еиԥш изакәаным афактқәа жәларбжьаратәи азин ашьаҭатәи принципқәеи анормақәеи Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареиеиларгоит.
“Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи пату рықәҵаны, жәларбжьаратәи ахыдҵақәа нанагӡарц, урҭ рыбжьара 2008 шықәса нанҳәа 12-тәи аиқәгаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахымца аанкылара аиқәшаҳаҭра”,- иануп аҳәамҭа аҿы.
Импыҵахалоу Цхинвалтәи арегион аҿы имҩаԥгаз апрезиденттә алхрақәа рҿы аԥхьагылара имоуп Алан Гаглоев.